Ахәыҷтәы қалақь “Мзиури” рашәара 13 асимвол – агиппопотам Беги абаҟа аадыртит. Ауснагӡатә ихы алаирхәит ақалақь ахада Каха Калаӡе.
“Иахьатәи амш ахаан иаҳхамшҭыр азы “Мзиури” рашәара 13-тәи арыцҳара асимвол – абегемот абаҟа ааҳартит. Ари абаҟа агәырӷьареи, анасыԥ бзиеи, ақәҿиарақәеи рсимволс ҟалароуп,” – иҳәеит Калаӡе.
Қарҭ ахадара аинформациа ала, аҟаза Ерекле Ҵулаӡе ибаҟа ахадара аконкурс аҿы аиааира агеит.