Мзиа Амаҕлобели лхақәиҭтәра аҳәарала аиҳабыра радминистрациа аҧхьа акциа мҩаҧысуеит
Мзиа Амаҕлобели лхақәиҭтәра аҳәарала аиҳабыра радминистрациа аҧхьа акциа мҩаҧысуеит

„Баҭымааи“  „Нетгазеҭи“ рышьаҭакҩы Мзиа Амаҕлобели лхақәиҭтәра аҳәарала Қарҭгьы акциа мҩаҧысуеит. Еиуеиҧшым амедиахархәагақәа рхаҭарнакцәа аиҳабыра радминистрациа аҧхьа еизеит. Дара рҳәамҭала, Мзиа Амаҕлобели закәандарала даанкылоуп.

Ажурналистцәа ишырҳәаз ала, дара администрациа аҧхьа еизеит аиҳабыра реилатәара анымҩаҧысуа аамҭазы, избанзар, аминистрцәа ауаа рыбжьы  драҳар рҭахуп.