Муҳамед Џьавад Зариф  - Қарҭ имҩаԥгаз еиԥыларақәа рҿы Амшын Еиқәеи Џьамтәи аӡыбжьандеи еимыздо атранзиттә коридор ҳахцәажәеит
Муҳамед Џьавад Зариф  - Қарҭ имҩаԥгаз еиԥыларақәа рҿы Амшын Еиқәеи Џьамтәи аӡыбжьандеи еимыздо атранзиттә коридор ҳахцәажәеит

Қарҭ имҩаԥгаз еиԥыларақәа рҿы Амшын Еиқәеи Џьамтәи аӡыбжьандеи еимыздо атранзиттә коридор ҳахцәажәеит, – асоциалтә каҭа Твиттер аҿы иҩит Џьамтәыла исламтәи ареспублика Адәныҟатәи аусқәа рминистр Муҳамад Џьавад Зариф Қырҭтәыла анапхгара хаҭарнакҵәа данырԥыла ашьҭахь.

«Қарҭ, Ахада Саломе Зурабишвилии Аԥыза-министр Гьаргь Гахариеи сырԥылеит. Телла сиацәажәеит аҽыԥхьакраҿ иҟоу Адәныҟатәи аусқәа рминистр Давид Залкалиани. Адискуссиақәа мҩаԥаагеит кыршықәса инагӡо ҩганкалатәи еизыҟазаашьақәа рырҭбаареи арегионалтә аусеицуреи рызкны, ҷыдала ҳазааҭгылеит Амшын Еиқәеи Џьамтәи аӡыбжьандеи еимыздо атранзиттә коридор,» – иҩит Џьамтәыла исламтәи ареспублика Адәныҟатәи аусқәа рминистр.