Мшаҧы 30 Қырҭтәыла атәылахьчаратә мчқәа рымшуп
Мшаҧы 30 Қырҭтәыла атәылахьчаратә мчқәа рымшуп

Мшаҧы 30 Қырҭтәыла ар рымшуп, Қырҭтәыла атәылахьчаратә мчқәа ршьаҭаркра 32 шықәсатәи аиубилеи иазгәарҭоит. Амшныҳәа иазгәаҭан Вазиани иҟоу 4-тәи ашьаҟартә бригада азыҟаҵаратә дәы аҟны.

Ауснагӡатә Қырҭтәыла аҳәынҭқарратә гимн анагӡара ала иалагеит, ихаргала аҳәынҭқарратә бираҟ, ари ашьҭахь 4-тәи ашьаҟартә бригадаҿ иҟоу Қырҭтәыла атәылахьчаратә мчқәа бџьарла реибыҭара ицәырган, асасцәа рыдгалан ақырҭуа аилахәыра “Дельтаҿ” идырмазеиуа абџьари, акәалӡмашьынақәеи, аибашьыга машьынаәа “Аиюашьҩы Дидгони”, “Медеваки” уҳәа уб. егь.

Ауснагӡатә рхы аладырхәит Қырҭтәыла ахада, аҧыза-министр Қарҭ ахада, апарламент ахантәаҩы, аиҳабыра рылахәылацәа.