Мшаҧы 26-28 рзы Қырҭтәыла даҭаауеит Польша адәныҟатәи аусқәа рминистр
Мшаҧы 26-28 рзы Қырҭтәыла даҭаауеит Польша адәныҟатәи аусқәа рминистр

Мшаҧы 26-28 рзы аусуратә визитла Қырҭтәыла даҭаауеит Польша адәныҟатәи аусқәа рминистр Збигнев Рау – ари аинформациа аланарҵәеит Польша адәныҟатәи аусқәа рминистрра.

Аусбарҭа адыррала, Збигнев Рау Қырҭтәыла ахада Саломе Зурабишвилии, аҧыза-министр Иракли Ҕарибашвилии, адәныҟатәи аусқәа рминистр Илиа Дарчиашвилии дырҧылоит.

Аинформациа ишану ала, аганқәа рхаҭарнакцәа Қырҭтәыла евроинтеграциа апроцессаҿ иҟоу ақәҿиарақәеи аҳасабтәқәеи ирылацәажәоит, иара убас, Украина иаҿагыланы Урыстәыла имҩаҧнаго агрессиа аан  арегионаҿ ашәарҭадара аҭагылазаашьа иазааҭгылоит.