Мшаҧы 22 рзы Қырҭтәыла иалагоит Аконституциа иаларгалараны иҟоу "Аҭаацәаратә принципқәеи зықәра наӡам рыхьчареи иазку" аҧсахрақәа рыхәаҧшра ажәлар еицырзеиҧшу ауаажәларратә форматаҿ  
Мшаҧы 22 рзы Қырҭтәыла иалагоит Аконституциа иаларгалараны иҟоу "Аҭаацәаратә принципқәеи зықәра наӡам рыхьчареи иазку" аҧсахрақәа рыхәаҧшра ажәлар еицырзеиҧшу ауаажәларратә форматаҿ  

Уаҵәы иалагоит  Аконституциа иаларгалараны иҟоу “Аҭаацәаратә принципқәеи зықәра наӡам рыхьчареи иазку” аҧсахрақәа рыхәаҧшра ажәлар еицырзеиҧшу ауаажәларратә форматаҿы.

Раҧхьатәи аилатәара мҩаҧгахоит мшаҧы 22 рзы Қәҭешь,  анеҩстәи аилатәарақәа мҩаҧысуеит:  мшаҧы 23 рзы  —   Амбролаури, 24 рзы  —   Озургеҭи, 25 рзы —  Баҭым, 26 рзы —  Жәыргьыҭ, 27 рзы  —   Местиа. Апарламентаҿ ишырҳәаз ала, егьырҭ арегионқәа рҿы аиҧыларақәа рымҩаҧгара иазку аинформациа цәырыргоит етапла.

«Аконституциатә закәан апроект инақәыршәаны, Қырҭтәыла Аконституциа  30 ахәҭаҷ иацлоит 3-апункт, уи ианылоит: «Аҭаацәаратә принципқәеи зықәра наӡам рыхьчареи еиқәыршәоуп Қырҭтәыла Аконституциатә закәан ала, уи Қырҭтәыла Аконституциа иузалымхуа хәҭоуп».

Аҳәсеи ахацәеи реимадара ашьаҭала иаҧҵоу аҭаацәаратә принципқәа рыхьчара амеханизми зықәра наӡам ринтересқәеи рырҕәҕәара амзызла,  аконституциатә закәан апроект иҳәаақәнаҵоит аибагареи, аҧас ма аҧҳас агареи, зықәра наӡам рхылаҧшреи, ауаҩы ихаҵара-ҧҳәысра аҧсахра амзызла амедициатә аҽалагалареи, аофициалтә документқәа рҿы ахаҵара-ҧҳәысра арбареи иазку аинформациа аларҵәареи, аизгареи, ахархәареи иазку еиуеиҧшым азҵаарақәа», — иануп Қырҭтәыла апарламент иаланарҵәаз аинформациаҿы.