Мшаԥы 24-25 рзы, уахынла, Рикоҭтәи ажәытә тоннель ала автотранспорт изныҟәом
Мшаԥы 24-25 рзы, уахынла, Рикоҭтәи ажәытә тоннель ала автотранспорт изныҟәом

Қырҭтәыла Арегионтә аҿиареи аинфраструктуреи рминистрра иаҵанакуа Автомобилтә амҩақәа рдепартамент аинформациа ала, мшаԥы 24-25 рзы, уахынла Рикоҭтәи ажәытә тоннель ала автотранспорт изныҟәом.

„Жәларбжьаратә ҵакы змоу Қарҭ-Сенаки-Леселиӡе автомобилтә амҩа 143-тәи км аҿы иҟоу Рикоҭтәи автомобилтә (ажәытә) тоннель аҿы апрофилактикатә усурақәа рымҩаԥгаразы, 2024 шықәса мшаԥы 24-25 рзы рзы асааҭ 01:00 инаркны асааҭ 06:00-нӡа  автотранспорт ала аныҟәара ҟалом.

Ари аамҭазы автотранспорт автомобилтә амҩа Сурамтәи аилысырҭа Зестафони (км 132-км 200) ахҵәахаҿы ацраҳәагақәа змоу атранспортла аиҭаҵра ҟалом“, – иануп аинформациа аҿы.