Молдова Атәылахьчара аминистрра адыррақәа рыла, атәыла аҳаиртә қәыҧшылара 5 дронк алалеит

11:45, 27.08.2026

Молдова аҳаиртә қәыҧшылара 5 дронк алалеит, – ари аҳәамҭа аланарҵәеит Молдова Атәылахьчара аминистрра.

Аминистрра адыррақәа рыла,  адронқәа,  еиуеиҧшым аамҭазы,  Украинантә Молдова аҳәаа иахысуан,  нас,  шьҭахьҟа Украианаҟа  ихынҳәуан.

Молдова Атәылахьчара аминистрраҿы ишазгәарҭаз ала,  атәыла аҳаиртә қәыҧшылара аилагара афактқәа Урыстәыла ала Украина аганахьала имҩаҧгаз аҳаиртә жәылара амшалоуп ишыҟалаз.

 

Еиԥшу