«Moderna» аҿы ишаарыцҳаз ала, иахьа Афатәаалыҵи амедикаментқәеи аусқәа рзы администрациеи иашьашәалоу европатәи аорганқәеи ирыдҵаалоит авторизациа аҳәара ала
Афармацевтә еилахәыра «Moderna» аҿы ишаарыцҳаз ала, иахьа Афатәаалыҵи амедикаментқәеи аусқәа рзы администрациеи иашьашәалоу европатәи аорганқәеи ирыдҵаалоит авторизациа аҳәара ала.
«Ҳвакцина алҵшәа шахылҵуа агәра ганы ҳаҟоуп. Уажәшьҭа ҳара абри шьақәзырҕәҕәо адыррақәа рбаза ҳамоуп», — иҳәеит Moderna амедицинатә офицар еиҳабы аҳақьым Тал Зақс.
Зақс иажәақәа рыла, авакцина 94 наӡынала алҵшәа бзиа ахылҵит.
«Раҧхьаӡа акәны сылаҕырӡ ааит», — иҳәеит Тал Зақс.
Америкатә фармацевтә еилахәыра «Moderna» адыррақәа рыла, дара иаҧырҵаз авакцина 94,5 наӡынала алҵшәа амоуп.