Михеил Сарџьвелаӡе - Қырҭтәылеи аԥсуааи раԥхьаӡа иргыланы, аԥсуа бызшәа амш рыдысныҳәалар сҭахуп, ҳара ҳзы аԥсуа бызшәеи акультуреи аҵак ҷыда рымоуп
Ауаҩытәыҩса изинқәа рыхьчареи атәылауаҩратә интеграциеи ркомитет ахантәаҩы Михеил Сарџьвелаӡе акомитет аилатәара аԥсуа бызшәала ақәгыларала далаган, Қырҭтәыла ауааԥсыра аԥсуа бызшәа амш рыдиныҳәалеит.
Сарџьвелаӡе иажәақәа рыла, Қырҭтәылазы аԥсуа бызшәеи акультуреи аҵак ҷыда рымоуп.
„Иахьатәи аилатәара алагамҭаз аԥсышәала аԥсшәа шәасҳәар сҭахуп – Мшыбзиа. Иахьа аԥсуа бызшәа мшуп. Қырҭтәылеи аԥсуааи раԥхьаӡа иргыланы, аԥсуа бызшәа амш рыдысныҳәалар сҭахуп, ҳара ҳзы аԥсуа бызшәеи акультуреи аҵак ҷыда рымоуп“, –иҳәеит Сарџьвелаӡе.