Михеил Сарџьвелаӡе аветеранцәа ргоспиталь гәеиҭеит
Михеил Сарџьвелаӡе аветеранцәа ргоспиталь гәеиҭеит

Қырҭтәылa Импыҵaхaлоу aтерриториaқәa рҟынтә ихҵәоу aуaaҧсыреи, aџьеи, aгәaбзиaреи, aсоциaлтә хьчaреи рминистр Михеил Сарџьвелаӡе В.Саникиӡе ихьӡ зху аветеранцәа ргоспиталь гәеиҭеит.

Аминистр аҭыԥ аҿы еиликааит ахәшәтәырҭа аусушьа аҷыдарақәа зеиԥшроу. Михеил Сарџьвелаӡе ишазгәеиҭаз ала, аветеранцәа рхылаԥшра аминистрра априоритетқәа иреиуп.

Қырҭтәылa Импыҵaхaлоу aтерриториaқәa рҟынтә ихҵәоу aуaaҧсыреи, aџьеи, aгәaбзиaреи, aсоциaлтә хьчaреи рминистрра аинформациа ала, аветеранцәа рклиникатә госпиталь абенефициарцәа раԥхьаӡатәи агәабзиара амедицинатә маҵзура ирыднагалоит.  Амедицинатә усҳәарҭа ҳаамҭазтәи аппаратурала еиқәыршәоуп.

Михеил Сарџьвелаӡе агоспиталь аҿы Аветеранцәа русқәа рзы аҳәынҭқарратә маҵзура аиҳабы Коба Кобалаӡеи агоспиталь анапхгаҩы Амори Ревишвилии дырԥылеит.