Михеил Сарџьвелаӡе - Аоппозициаа реиҳараҩык рпланқәа  аарҳәра рылоуп
Михеил Сарџьвелаӡе - Аоппозициаа реиҳараҩык рпланқәа аарҳәра рылоуп

Хполоиткцәоуп ҳәа изҳәо, анапхгарахь алхрақәа рыла акәым, ареволиуциа амҩала аара зҭаху ахаҿқәа, рхатә кариера ашьақәыргылара ауп хықәкыс ирымоу, – иҳәеит апарламент Ауаҩытәыҩса изинқәа рыхьчара акомите ахантәаҩы Михеил Сарџьвелаӡе “Гирчи – ахақәиҭразы” ақәыԥшцәа рзы атренинқәа рымҩаԥгара азҵаара данахцәажәоз.

АИХ-қәа рҿы аларҵәара зауз адыррақәарыла, “Гирчи – ахақәиҭразы” алидерцәа Сурами, ақәыԥшцәа аҿагыларатә акциақәа рымҩаԥгареи анапхгара аҿагыларатә кампаниеи рымҩаԥгара азы атренингқәа рзымҩаԥыргоит.

Сарџьвелаӡе иажәақәа рыла, аоппозициа ари ахәҭа адеструктивтә план нанагӡоит.

„Аполитикцәа ақәыԥшцәа ирабжьаҳгароуп ииашоу акритериқәеи апринципқәеи рыла аҿиара нарыгӡарц, ари ацынхәрас џьоукы адемократиа ианаалам акрдырҵоит.  Аоппозициаа реиҳараҩык аарҳәра рпланқәа ирылоуп, урҭ аинтеллектуалтә алшара рымам, алхрақәа рыла анапхгара аԥсахра рылшом“, – иҳәеит Сарџьвелаӡе.