Михеил Саакашвили - Украина "Бук" асистема ахьарымҭо ԥхашьароуп, ахада Иушьенко ицхыраарала ианаамҭаз уи ахә мариала аҳхәеит
Украина “Бук” асистема ахьарымҭо ԥхашьароуп, ахада Иушьенко ицхыраарала ианаамҭаз уи ахә мариала аҳхәеит, – иануп Қырҭтәыла ԥасатәи ахада Михеил Саакашвили “Феисбук” идаҟьаҿ.
“Украина Ианукович данааи, Иушьенко иҿагыланы ашьаус хацыркын “Бук” Қырҭтәыла ахьаиҭаз азы, ари Урыстәыла адҵала ҟаиҵеит ҳәа. “Бук” ахархәара ҳзырҵаз аинструктор, аполковник Мамчур Урыстәыла агентцәа 2017 шықәсазы жыршьит.
Уажәы Украина Американтә “Бук” азы аракетақәа рацәаны арҭеит. Ари ашьаҿала украинаа мацара акәым, америкаагьы мап раҳҳәеит.
Ари ачарҳәароуп, абри еиԥш ачарҳәара аепизодқәа Қырҭтәылеи Украинеи реизыҟазаашьақәа рҭоурых аҿы ашәыта хьанҭас аанхоит”, – иазгәеиҭеит Саакашвили.
Қырҭтәыла иҟоу Украина аамҭалатәи ахаҭарнак Андреи Касианов истатиаҿ ишану ала: “Украина 2088 шықәсазы Қырҭтәыла анаҭаз “Бук” асистемеи ЕАШ аҟынтә Қырҭтәыла аиуиз “Џьавелинқәеи” рырхынҳәра аҳәеит.
Қырҭтәыла атәылахьчара аминистрра “Бук” аҳауатә хыхьчаратә системақәеи “Џьавелинқәеи” ирызкны аҳәамҭа аланарҵәеит. Аминистрра аинформациа ала, Украина Қырҭтәыла ҳамҭас “Бук” ахауатә хыхьчаратә система анаҭеит ҳәа адырра ииашам. Аусҳәарҭа аҟынтә ишаарыцҳаз ала, 2017 шықәсазы ирацәны амиллион доллар иршәеит ЕАШ атанкҭархагатә система “Џьавелин” анаархәаз.