Михеил Дундуа - Шеишықәса рыбжьара Қырҭтәыла арегион аҟны алидер тәылоуп, акоррупциа аҟынтә ахақәиҭра аганахьала аԥхьагылара амоуп
Михеил Дундуа - Шеишықәса рыбжьара Қырҭтәыла арегион аҟны алидер тәылоуп, акоррупциа аҟынтә ахақәиҭра аганахьала аԥхьагылара амоуп

Шеишықәса рыбжьара Қырҭтәыла арегион аҟны алидер тәылоуп, акоррупциа аҟынтә ахақәиҭра аганахьала аԥхьагылара амоуп, – иҳәеит Афинансқәа рминистр ихаҭыԥуаҩ Михеил Дундуа.

Михеил Дундуа ишазгәеиҭаз ала, Қырҭтәыла, акоррупциа аҟынтә ахақәиҭра аганахьала адунеи 50 тәыла ирыбжьоуп.

„Қырҭтәыла, акоррупциа аҟынтә ахақәиҭра аганахьала Мрагыларатә Европеи Ацентртә Азиеи арегионаҿ актәи аҭыҧ ааннакылоит. Амшын Еиқәа атәылақәеи Кавкази рҿы алиедр тәылоуп.  Нато иалоу атәылақәеи Евроеидгыла 10 тәылеи ирыбжьоуп, Шеишықәса рыбжьара Қырҭтәыла арегион аҟны алидер тәылоуп, акоррупциа аҟынтә ахақәиҭра аганахьала аԥхьагылара амоуп“, – иҳәеит Афинансқәа рминистр ихаҭыԥуаҩ Михеил Дундуа.

„Transparency International” „Акоррупциа аиндекс” аҿы 180 тәыла рыбжьара Қырҭтәыла 49-тәи аҭыԥ ааннакылан, арегион аҟны аԥхьагылара амоуп.