Михаил Сарџьвелаӡе Шәамахьтәыла агәабзиарахьчара аминистр дылҧылеит
Қырҭтәыла агәабзиарахьчара аминистр Михаил Сарџьвелаӡе Шәамахьтәыла агәабзиарахьчара аминистр Анаҳит Аванесиан дылҧылеит.
Агәабзиарахьчара аминистрра адыррақәа рыла, аганқәа рхаҭарнакцәа агәабзиарахьчара аусхкы аҿы азеиҧш проектқәеи апартниорра арҭбааразы иҟоу алшарақәеи ирылацәажәеит. Иара убас, Қырҭтәылеи Шәамахьтәылеи ргәабзиарахьчара аминистррақәа рҿы имҩаҧысуа ареформақәеи ари аганахьала аҧышәа аиҭныҧсахлареи иазааҭгылеит.
„Михаил Сарџьвелаӡе аделегациа алахәылацәа ирзеиҭеиҳәеит агәабзиарахьчара асервисқәа рхархәара аманшәалара аганахьала атәылаҿ иҟоу акрызҵазкәа апрогрес иазкны. Аминистр ишиҳәаз ала, атәылақәа рыбжьара аҧышәа аиҭныҧсахлара ари асистема иаҳа аҿиара иацхраауеит“, – иануп Агәабзиарахьчара аминистрра аинформациаҿы.