Михаил Сарџьвелаӡе – Сара хықәкык ауп исымоу – акьыба ачымазара змоу апациент цыҧхьаӡа изы аҽыхәыштәра апроцесс хьаада имҩаҧысуазар сҭахуп
«Сара хықәкык ауп исымоу – акьыба ачымазара змоу апациент цыҧхьаӡа изы аҽыхәыштәра апроцесс хьаада имҩаҧысуазар сҭахуп», – иҳәеит Қырҭтәыла агәабзиарахьчара аминистр Михаил Сарџьвелаӡе акьыба ачымазара змоу апациентцәа рпротесттә акциақәа ирыдҳәаланы ажурналистцәа ирҭаз азҵаара аҭак аныҟаиҵоз.
Иара иажәақәа рыла, иааиуа амшқәа рзы аконкреттә аӡбарақәа идикылоит.
«Аминистрраҿы еиҧҟьарада, активла аусура шымҩаҧысуа рдыруеит. Дара аформатқәа зегьы рхы рыладырхәыр рылшоит. Иааиуа амшқәа рзы ари апроблема иадҳәаланы аконкреттә аӡбарақәа ҳадаҳкылоит. Ари аусхкы аҿы иаразнак аӡбарақәа рыдкылара ҟалом. Азҵаара цқьа иҭҵаатәуп, анализ азутәуп. Сара хықәкык ауп исымоу – акьыба ачымазара змоу апациент цыҧхьаӡа изы аҽыхәыштәра апроцесс хьаада, иаҳа еиҕьны имҩаҧысуазар сҭахуп. Ҳәарада, аминистрра уи алшоит», — иҳәеит Сарџьвелаӡе.