Михаил Сарџьвелаӡе - Қырҭтәыла жәытәнатәаахыс ахақәиҭра иазықәҧоит, иаҳа еиҕьу аҧшәма иалхра акәымкәа
Манџьҕалаӡе иаргументациа ииашам, избанзар, астратегиатә партниорра арежимаҿ Китаи аҟны аизыҟазаашьақәа рыбзоурала, Қырҭтәыла, ахатә географиатә ҭыҧ инаӡаны ахархәаразы иаҳа алшара аиуеит, – иҳәеит анапхгаратә партиа «Ақырҭуа гәахәтәы» алахәыла Михаил Сарџьвелаӡе.
Сарџьвелаӡе иҳәамҭала, аоппозициаа Қырҭтәыла иахәаҧшуеит ишьақәгылам аҳәынҭқарра аҳасабала.
«Адәныҟатәи аполитика ҳаналацәажәо, дара зҵаара заҵәык ауп ирымоу, знапаҵаҟа иҟало ауп изыргәамҵуа. Қырҭтәыла жәытәнатәаахыс ахақәиҭра иазықәҧоит, иаҳа еиҕьу аҧшәма иалхра акәымкәа», — иҳәеит Сарџьвелаӡе.
Аоппозициатә партиа «Аҕмашенебели истратегиа» алидерцәа иреиу Паата Манџьҕалаӡе аҧыза-министр Иракли Ҕарибашвили Китаи ивизит даналацәажәоз ажурналистцәа иреиҳәеит: «Ҩыџьа аҧшәмацәа рҟны аамҭакала аиҩызара зыҟалом, ма Америка, Ма Китаи аҩызас думазароуп, Ҕарибашвили аҩ-тәылак рҟны аиҩызара заҧшьигаз сзелкаауам».