Михаил Сарџьвелаӡе  -  Қырҭтәыла уажәы аибашьра иалагароуп ҳәа иҟарҵо ааҧхьара арқьиара ҟалом
Михаил Сарџьвелаӡе  -  Қырҭтәыла уажәы аибашьра иалагароуп ҳәа иҟарҵо ааҧхьара арқьиара ҟалом

Анапхгаратә партиа  «Ақырҭуа гәахәтәы» аҟынтә апарламент адепутат Михаил Сарџьвелаӡе Украина Амилаҭтә шәарҭадареи ахыхьчареи ахеилак амаӡаныҟәгаҩ Алексеи Данилов иҟаиҵаз аҳәамҭа дахцәажәеит.  Иара иажәақәа рыла,  уажәы лабҿаба иубарҭахеит Украина Қырҭтәылахь иаанарҧшуа агәынамӡара зыхьҟьаз. Сарџьвелаӡе иҳәамҭала,  Қырҭтәыла уажәы аибашьра иалагароуп ҳәа иҟарҵо ааҧхьара арқьиара ҟалом.

«Уажәы лабҿаба иубарҭахеит Украина Қырҭтәылахь иаанарҧшуа агәынамӡара зыхьҟьаз. Дара Қырҭтәыла аибашьра аҽалагаланы, убри ала Украина иацхраар рҭахуп.  Уи ала Украина ҳзацхрааауам, уи ииашам. . Насгьы,  Қырҭтәыла уажәы аибашьра иалагароуп ҳәа иҟарҵо ааҧхьара арқьиара ҟалом. Уи Қырҭтәыла аинтересқәа ирыҵанакәам», — иҳәеит Сарџьвелаӡе.

Украина Амилаҭтә шәарҭадареи ахыхьчареи ахеилак амаӡаныҟәгаҩ Алеқсеи Данилов ишиҳәаз ала, Қырҭтәылеи аҵакырадгьылтә акзаара иадҳәаланы Урыстәылаҟны апроблемақәа змоу егьырҭ аҳәынҭқаррақәеи рҵакырадгьылқәа рырхынҳәра иалагар, Украина иацхраауан.