Михаил Сарџьвелаӡе - Қырҭтәыла аҵакырадгьылтә акзаара апринцип иамарам иарбанызаалак аҳәамҭа иааҧҵәаны ҳақәыӡбоит, уи закәандароуп
Апарламенттә аиҳара алахәыла Михаил Сарџьвелаӡе ишиҳәаз ала, Урыстәыла Ашәарҭадара ахеилак ахантәаҩы ихаҭыҧуаҩ Дмитри Медведев Аҧсни Аахыҵ Уаҧстәылеи ирыдҳәаланы иҟаиҵаз аҳәамҭа дақәыӡбоит.
Михаила Сарџьвелаӡе иажәақәа рыла, Қырҭтәыла ахатә ҵакырадгьылқәа рымпыҵахалара ахаангьы аҽанраалараны иҟам, арҭ аҵакырадгьылқәа аҭынчмҩала рырхынҳәра алшоит.
Михаил Сарџьвелаӡе иазҵааит атәыла анапхгара Медведев иҳәамҭа иахырҳәаауеи ҳәа.
«Ари аҳәамҭа иадҳәаланы иазгәасҭар сҭахуп, ҳара Қырҭтәыла аҵакырадгьылтә акзаара аиҭашьақәыргыларазы аҭынчратә политика ҳақәныҟәоит. Знымзар зны ари аидеиа анагӡара аиуеит, избанзар, аҭоурыхтә аиашара абасоуп ишыҟоу, Қырҭтәыла аҵакырадгьылтә акзаара хымҧада еиҭашьақәгылахоит», — иҳәеит Михаил Сарџьвелаӡе.