Михаил Сарџьвелаӡе - Ҧарцхалаӡе ихьанҭаӡоу ахарадҵара изықәыргылоуп, хымҧада ашаҳаҭгақәа цәыргатәуп
«Ҧарцхалаӡе ихьанҭаӡоу ахарадҵара изықәыргылоуп, хымҧада ашаҳаҭгақәа цәыргатәуп», — иҳәеит ауаҩытәыҩса изинқәа рыхьчаразы апарламенттә комитет ахантәаҩы Михаил Сарџьвелаӡе.
Сарџьвелаӡе иҳәамҭала, афактқәас иҟоу цқьа еилкаатәуп.
«Ҧарцхалаӡе ихьанҭаӡоу ахарадҵара изықәыргылоуп. Ари атәыла атәылауаҩ иаҳасабала, сара, раҧхьа иргыланы, абри аҩыза аихшьаала шьаҭас иамаз афактқәеи ашаҳаҭгақәеи роуп интересс исымоу. Ҧарцхалаӡе ихьанҭаӡоу ахараҵара изықәыргылоуп, ашаҳаҭгақәа иҟамзар, уи ҽеим», — иҳәеит Михаил Сарџьвелаӡе.