Михаил Сарџьвелаӡе - Ҳара иҟаҳҵаз аҳәамҭақәа зегьы аконфрантациа акәымкәа, Америкеи Қырҭтәылеи, иара убас, Қырҭтәылеи Евроеидгылеи реизыҟазаашьақәа рырҕәҕәара иазкын
«Ҳара иҟаҳҵаз аҳәамҭақәа зегьы аконфрантациа акәымкәа, Америкеи Қырҭтәылеи, иара убас, Қырҭтәылеи Евроеидгылеи реизыҟазаашьақәа рырҕәҕәара иазкын, — иҳәеит ауаҩытәыҩса изинқәа рыхьчаразы апарламенттә комитет ахантәаҩы Михаил Сарџьвелаӡе Қырҭтәыла Актәи аканал аинтервиу анеиҭоз.
Сарџьвелаӡе Қырҭтәыла иҟоу Америка ацҳаражәҳәаҩ Келли Дегнан иҟалҵаз аҳәамҭа дахцәажәеит, лара ишылҳәаз ала: «аполитикцәақәак Қырҭтәылеи уи адгылаҩцәеи реиҟәыҭхара зырҭаху еилкаам».
«Аганқәа зегьы агәра дсыргар сҭахуп Келли Дегнан иҟалҵаз аҳәамҭа ҳара иҳадукалар шыҟамло, избанзар, ҳара иҟаҳҵаз аҳәамҭақәа зегьы аконфрантациа акәымкәа, Америкеи Қырҭтәылеи, иара убас, Қырҭтәылеи Евроеидгылеи реизыҟазаашьақәа рырҕәҕәара иазкын.
Америкеи Евроеидгылеи ҳтәыла адемократиатә аҿиара апроцесс аҿы ҳхадаратә партниорцәоуп. Акритикатә зҵаарақәа адеструктивтә азнеишьа ҳасабала рыхәаҧшра ҟалом. Келли Дегнан лхаҭагьы илҳәеит аҩызцәа еиуеиҧшым агәаанагарақәа рымазар шыҟало. Маӡала зааныжьра ҟамло, аргама излацәажәатәу зҵарақәак иҟоуп. Ҳара арҭ азҵаарақәа иҵоуроу аҭак раҳҭар ҳҭахуп», — иҳәеит Сарџьвелаӡе.