Михаил Сарџьвелаӡе – Аоппозициатә гәыҧқәак евроинтеграциа апроцесси абжьагарақәа рынагӡара апроцесси иаҧырхагахар рҭахуп
Ауаҩытәыҩса изинқәа рыхьчара азҵаарақәа рзы апарламенттә комитет ахантәаҩы Михаил Сарџьвелаӡе иҳәамҭала, аоппозициатә гәыҧқәак евроинтеграциа апроцесси абжьагарақәа рынагӡара апроцесси иаҧырхагахар рҭахуп.
Миаил Сарџьвелаӡе аоппозициатә партиа „Аҕмашенебели истратегиа“ алахәыла Паата Манџьҕалаӡе иҟаиҵаз аҳәамҭа дахцәажәеит. Манџьҕалаӡе иҳәеит: „„Ақырҭуа гәахәтәы“ рымшала акандидат астатус шҳарымҭо аабар, шәнызқьҩыла ауаа адәахьы идәылҵроуп, зегьы раҧхьа сара сдәылҵуеит“.
Абри аҳәамаҭазы Сарџьвелаӡе абас аҭак ҟаиҵеит:
„Дара абри ауп ҧхыӡырла ирбо. Абарҭ агәыҧқәа Қырҭтәыла абжьгарак зынанамгӡар рҭахуп. уи рзыҟамҵар, абжьагарақәа рынагӡара апроцесс ахьӡ аларҟәра рҽазыркуеит. Дара Қырҭтәыла евроинтеграциа апроцесс иаҧырхагахар рҭахуп, избанзар, апартиатә интересқәа мацароуп изызхәыцуа“, – иҳәеит Михаил Сарџьвелаӡе.