Михаил Сарџьвелаӡе – Аҳәынҭқарра ахала акьыба ачымазара змоу ахәыҷқәа зегьы аҳәаанырцәгьы Қырҭтәылагьы рхәышәтәра иадҳәалоу ахарџьқәа хнаҩуеит, шәааи, ҳуааҧсыра баша рыршәара ҳаҟәыҵып
«Аҳәынҭқарра ахала акьыба ачымазара змоу ахәыҷқәа зегьы аҳәаанырцәгьы Қырҭтәылагьы рхәышәтәра иадҳәалоу ахарџьқәа хнаҩуеит, шәааи, ҳуааҧсыра баша рыршәара ҳаҟәыҵып», — иҳәеит Қырҭтәыла агәабзиарахьчара аминистр Михаил Сарџьвелаӡе.
Сарџьвелаӡе аартызаара иазку азакәан амшала акьыба ачымазара змоу ахәыҷқәа ахәаанырцә аҽыхәышәтәра рылымшоушәа аларҵәара зауз аинформациа дахцәажәеит.
«Ауаа рыҧсҭазаареи, ргәабзиареи, ихьанҭоу ачымазарақәеи ҳанрылацәажәо иаҳа ҳгәы ҳҽанызароуп. Ҳуааҧсыра баша рыршәара ҳаҟәыҵып, избанзар, аҳәынҭқарра ахала акьыба ачымазара змоу ахәыҷқәа зегьы аҳәаанырцәьы Қырҭтәылагьы рхәышәтәра иадҳәалоу ахарџьқәа зегьы хнаҩуеит. Убри аҟынтә, аӡәгьы амцҳәара азин исҭом. Аинформациа ҧаршеи алазырҵәаз ауаа аинформациа ииашаны иаҧхьарц ирыбжьазгоит. Агәыҳалалратә усура мҩаҧызго ауаа агәыҳалалра мап ацәыркратәы изакәызаалак мзызк рымам. Ахәыҷқәа аҽыхәшәтәра рылшом ҳәа ауаа рыршәара шәаҟәыҵ, ахәышәтәрада аӡәгьы даанхом», — иҳәеит агәабзиарахьчара аминистр.