Михаил Сарџьвелаӡе  - Саакашвили азыӡба ихигоит, аӡәгьы азин имам ақырҭуа аӡбарҭа аҳаҭыр аларҟәразы
Михаил Сарџьвелаӡе  - Саакашвили азыӡба ихигоит, аӡәгьы азин имам ақырҭуа аӡбарҭа аҳаҭыр аларҟәразы

«Аконкреттә ацәгьауаҩы азыӡба ихигоит,  аӡәгьы азин имам ақырҭуа аӡбарҭеи, Қырҭтәыла аҳәынҭқарреи, ауааҧсыра реиҳареи раҳаҭыр аларҟәразы», — иҳәеит ауаҩытәыҩса изинқәа рыхьчаразы апарламенттә комитет ахантәаҩы  Михаил Сарџьвелаӡе.

Сарџьвелаӡе Европарламент алахәыла Анна Фотыга Саакашвили ашьауҕа иқәхразы Саломе Зурабишвили лахь  иҟалҵаз ааҧхьара дахцәажәеит.

Михаила Сарџьвелаӡе иҳәамҭала, абри аҩыза аинициативақәа апровокациатә ҟазшьа рымоуп.

«Михаил Саакашвили Қырҭтәыла ишизныҟәо, абри аҩыза аӡбарақәа ирхылҵыр иалшо  иахьынӡаеилыркаауа  сыздырӡом.  Абри аҩыза аинициативақәа иаҳа хшыҩзышьҭрала ирызныҟәатәуп ҳәа сгәы иаанагоит, избанзар, уи Қырҭтәыла аҩныҵҟа европатәи агәалаҟазаара ианыҧшыр ауеит. Абри аҩыза аинициативақәа цәырызго ауаҩы иҟаиҵо цқьа изеилымкаауазар ҟалап. Зегьы еилыркааит иара адеменциа шимамымз, ашҳам ширымҭаз.  Зегьы еилыркаауеит аконкреттә ацәгьауаҩы азыӡба шихиго, аӡәгьы азин имам  ақырҭуа аӡбарҭеи, Қырҭтәыла аҳәынҭқарреи, ауааҧсыра реиҳареи раҳаҭыр аларҟәразы.  Убри аҟынтә, Фотыга лоума, даҽаӡә иоума,  ақырҭуа жәлар рпозициеи ргәаанагареи атәамбара аӡәгьы азин имам», — иҳәеит  Михаил Сарџьвелаӡе.