Ауааҧсыра агәабзиара ахьчаразы ирымоу азин ашәарҭара иҭагылоушәа аларҵәара зауз аҳәамаҭақәа изакәызаалак шьаҭак рыҵам, — иҳәеит агәабзиарахьчара аминистр Михаил Сарџьвелаӡе зегьирзеиҧшу агәабзиарахьчаратә программа ашәарҭара иҭагылар ауазшәа аконкреттә гәыҧқәак иҟарҵаз аҳәамҭақәа данрылацәажәоз.
Михаил Сарџьвелаӡе ишиҳәаз ала, Қырҭтәыла агәабзиарахьчара аҿиара нанагӡоит.
«Аҵыхәтәантәи аамҭазы експертцәақәак, зны-зынла ажурналисатцәагьы абри аҩыза аҳәамҭақәа ҟарҵоит. Урҭ хшыҩзышьҭра рзутәымзаргьы ҟалап, аха, ара факторк иҟоуп – араҟа агәабзиарахьчара ҳалацәажәоит, уи ауаа ргәабзиареи рыҧсҭазаареи иадҳәалоуп. Убри аҟынтә, иаҵшьны иазгәасҭар сҭахуп арҭ ауаа имцырку аҳәамҭақәа шыҟарҵо. Агәабзиарахьчаратә система аусура иаҧырхагахаша мзызк иҟам. Аплан иарбоу аусмҩаҧгатәқәа зегьы аплан инақәыршәаны имҩаҧысуеит. Ҳәарада, Қырҭтәыла агәабзиарахьчара аҿиара нанагӡоит», — иҳәеит Михаил Сарџьвелаӡе.