Михаил Сарџьвелаӡе – Ҳара атәылаҿ ҳаамҭазтәи астандартқәа ирышьашәалоу ахәыҷтәы онкологиа аклиникатә база аҧҵара ҳгәы иҭоуп
«Аҳәаанырцә ахәыҷқәа рхәышәтәра апрограмма инаваргыланы, ҳара атәылаҿ ҳаамҭазтәи астандартқәа ирышьашәалоу ахәыҷтәы онкологиа аклиникатә база аҧҵара ҳгәы иҭоуп», — иҳәеит агәабзиарахьчара аминистр иҭыҧаз акандидат Михаил Сарџьвелаӡе акомитетқәа еицымҩаҧыргаз аилатәараҿы.
Михаил Сарџьвелаӡе атәылаҿ имҩаҧысуа ареформақәа дрылацәажәан, ишиәҳаз ала, аҵыхәтәантәи 12 шықәса рыла амедицинатә цхыраара аиура азин аганахьала аҭагылазаашьа аҽаҧсахит.
«Анапхгара ахаҭарнакцәеи ачынуааи ари аус баша аҧара аныхроуп ҳәа ианырҳәоз аамҭа иҟан. Насыҧла, 2012 шықәса жьҭаара 1 инаркны аҭагылазаашьа аҽаҧсахит, акьыба ачымазара змоу ауааҧсыра рыцхраара баша аҧара аныхроуп ҳәа ианырҳәоз аамҭа ахаангьы ихынҳәуам ҳәа сгәыҕуеит», — иҳәеит Михаил Сарџьвелаӡе.