Михаил Сарџьвелаӡе Америкатә жәларбжьаратәи афонд The Stirling Foundation ахаҭарнакцәа дырҧылеит
Қырҭтәыла агәабзиарахьчара аминистр Михаил Сарџьвелаӡе афонд The Stirling Foundation ахаҭарнакцәа дырҧылеит.
The Stirling Foundation — америкатә жәларбжьаратәи фондуп, уи адунеи еиуеиҧшым арегионқәа рҿы аус ауеит абарҭ асоциалтә зҵаарақәа рзы: аҭыҧантәи уаажәларрақәа рҿиара, хырҧашьа змам ацхыраара, агәабзиарахьчара, ахҵәацәа рыцхраара, аҳәсеи ахәыҷқәеи рыдгылара, уҳәа, убас егьырҭгьы.
Аиҧылара алахәылацәа ахәыҷтәы онкологиеи зылшарақәа маҷу ауааҧсыра рҭахрақәеи ирылацәажәеит. Иара убас, афонди аминистрреи реизыҟазаашьақәагьы ирзааҭгылеит. Ишазгәаҭаз ала, арҭ аизыҟазаашьақәа рыбзоурала, Қырҭтәылаҿ иакымкәа апроектқәа қәҿиарала имҩаҧган.
Аиҧылара анҵәамҭаз The Stirling Foundation ахаҭарнакцәа ишырҳәаз ала, дара наҟ-наҟгьы аусеицура иазыхиоуп.