Михаил Саакашвили – Сара схақәиҭреи, насгьы зқьынтә иаҳа зҵакы дуу Қырҭтәыла ахақәиҭреи ақәҧаразы шәыхиазаара ауп изхьыҧшу
Михаил Саакашвили – Сара схақәиҭреи, насгьы зқьынтә иаҳа зҵакы дуу Қырҭтәыла ахақәиҭреи ақәҧаразы шәыхиазаара ауп изхьыҧшу

Сара схақәиҭреи, насгьы, зқьынтә иаҳа зҵакы дуу Қырҭтәыла ахақәиҭреи ақәҧаразы шәыхиазаара ауп изхьыҧшу, — Қырҭтәыла ҧасатәи ахада Михаил Саакашвили Русҭави иҟоу  12-тәи апенитенциартә усбарҭа аҟынтә ашәҟәы иҩит.

Михаила Саакашвили ишәҟәы аладырҵәеит амилаҭтә ҵысра ахаҭарнакцәа.

«Акыр иаҧсоу сҩызцәа, гәыкала бзиа избо ақырҭуа жәлар. Киев сусқәа зегьы кажьны абрахь санаауаз, ибзианы издыруан Путин идҵала хықәкыла ииашамкәа исхарадырҵаз зегьы азыҳәан сшааныркылоз. Урыстәыла ада адунеи аҿы даҽа тәылак иҟам абарҭ ахарадҵарақәа ирықәшааҳаҭу.  Аха, сара уезгьы сааит, избанзар, стәыла агәра згоит, шәыцыҧхьаӡа шәыгәра згоит! Акы еиҧшымкәа сшәыҳәоит уаҵәы шәызынтәгьы алхырҭақәа рахь шәнеины, абжьыҭира шәҽалашәырхәырц, убри ашьҭахь  ҳара ҳазынтәгьы ареферендум алҵшәақәа рыхьчара ҳалшарц азыҳәан.  Сара схақәиҭреи, насгьы, зқьынтә иаҳа зҵакы дуу Қырҭтәыла ахақәиҭреи ақәҧаразы шәыхиазаара ауп изхьыҧшу. Уажәшьҭа жәларбжьаратәи адгыларагьы уи  иахьыҧшуп.  Сшәыҳәоит, агәра ганы шәыҟаз ҳиааира ҳнапаҿы ишыҟоу», — иҩит Михаил Саакашвили.

Михаил Саакашвили иацы Қарҭ даанкылан.