Михаил Саакашвили – Апарламент аҿы иҟоу ҳадгылаҩцәеи намыс змоу ауааҧсыреи ирыбжьазгоит Мамука Хазараӡеи иеиҧшҵәҟьа, даргьы апарламент иалҵны,  «Ақырҭуа гәахәтәы» рымацара аанрыжьырц
Михаил Саакашвили – Апарламент аҿы иҟоу ҳадгылаҩцәеи намыс змоу ауааҧсыреи ирыбжьазгоит Мамука Хазараӡеи иеиҧшҵәҟьа, даргьы апарламент иалҵны,  «Ақырҭуа гәахәтәы» рымацара аанрыжьырц

 

Мамук Хазараӡе иацы иҟаиҵаз ашьаҿа сгаҧхеит, сара сиқәшаҳаҭуп, Ника Мелиа иацы иҟаиҵаз аҳәамҭагьы сақәшаҳаҭуп, — иануп Қырҭтәыла ҧасатәи ахада Михаил Саакашвили ишәҟәы аҟны. Иахьа ари ашәҟәы ажурналистцәа дырзаҧхьеит идукат Ника Гварамиа.

«Абахҭа аҭыҵреи ақәҧара алагареи  сахыццакуеит, аха, уи аҿы шәыцхыраара сҭахуп.  Апарламент ахатә азкызаара ацәыӡит, уаҟа изакәызаалак аӡбарак зрыдыркылом. Абандитцәа ареформақәеи атәыла иахәаша аиҭакрақәеи рзы рацәажәара ҟалом.  Апротест ҧсыҽхар ҟалом, атәыла анҭыҵгьы ргәы ҳацәкамҳарц азыҳәан.  Убри аҟынтә, апарламент  аҿы  иҟоу ҳадгылаҩцәеи намыс змоу ауааҧсыреи ирыбжьазгоит Мамука Хазараӡеи иеиҧшҵәҟьа, даргьы апарламент иалҵны,  «Ақырҭуа гәахәтәы» рымацара аанрыжьырц», — иануп Михаил Саакашвили ишҟәы аҟны.