Михаил Саакашвили – Аинформациатә провокациақәа шыҟоугьы, лаҵара 26 аҽалархәреи апозициа иаша аарҧшреи аҵакы ду амоуп
Михаил Саакашвили – Аинформациатә провокациақәа шыҟоугьы, лаҵара 26 аҽалархәреи апозициа иаша аарҧшреи аҵакы ду амоуп

«Аинформациатә провокациақәа шыҟоугьы, лаҵара 26 аҽалархәреи апозициа иаша аарҧшреи аҵакы ду амоуп », — иҩит Қырҭтәыла  ҧасатәи ахада Михаил Саакашвили Феисбук аҿы.

Саакашвили иажәақәа рыла, Қырҭтәыла ахьыҧшымра ашәарҭара иҭагылоуп, ауааҧсыра зегьы уи ахьчара рҽазыркроуп.

«Аппелиациатә ҧҟарала аргама сус ахәаҧшразы мап сцәыркит. Уи азинтә нормақәа зегьы реилагароуп. Аклептократиатә диктатура аргама сцәырҵра иацәшәоит. Ҧаса аинформациатә қәыҧшылараҿы санцәырҵуаз абжьы аҟәырхуан, уажәы зынӡаскгьы аинформациатә қәыҧшыларада саанхеит. Аппелиациатә аӡбара аӡбаратә аилатәара амҩаҧгаразы мап ркит. Дара абри аҩыза азиндаратә фактқәа шаҟа иҟарҵо аҟара ажәлар исыдгылоит. Сара ари аинформациа здыруеит, ауаа даараӡа сраҭабууп.

Аинформациатә провокациақәа шыҟоугьы, лаҵара 26 аҽалархәреи апозициа иаша аарҧшреи аҵакы ду амоуп. Қырҭтәыла ахьыҧшымра ашәарҭара иҭагылоуп, ауааҧсыра зегьы уи ахьчара рҽазыркроуп!», — иҳәеит  Михаил Саакашвили.