Михаил Рот - Урыстәыла иаҿагыланы "Аглобалтә аибашьразы апартиа" акоалициа ду аԥаҳҵароуп
Урыстәыла иаҿагыланы “Аглобалтә аибашьразы апартиа” акоалициа ду аԥаҳҵароуп. Абри ауп хықәкы хадас иҳамоу, абри азы Қырҭтәыла ҳаҭааит”, – иҳәеит Германтәыла Бундестаг адәныҟатәи акомитет ахантәаҩы Михаил Рот Қырҭтәыла ахада Саломе Зурабишвили лҟны аиԥылара ашьҭахь имҩаԥгаз апрессконференциа аҿы.
Михаил Рот иажәақәа рыла, Қырҭтәыла атәылауаа рацәаны аибашьреи агрессиеи иацәшәоит.
„Аоппозициаа Қырҭтәыла атәылауаа реиҳараҩык аибашьреи агрессиеи изацәшәо рзеилкаауам. “Аглобалтә аибашьразы апартиа” иҟоуп, ари Урыстәыла ауп. Урысәыла анапаҿы иҟоуп шәҵакырадгьылқәа 20 наӡына. Урыстәыла иаҿагыланы “Аглобалтә аибашьразы апартиа” акоалициа ду аԥаҳҵароуп, ари аус аҿы шәҳадгылароуп”, – иҳәеит Рот.