Михаил Ҟвелашвили ишиашоу аформатаҿ Алеқсандр Вучич диҧылеит
Қырҭтәыла ахада Михаил Ҟавелашвили ишиашо аформатаҿ Сербиа ахада Алеқсандр Вучич диҧылеит.
Атәыла ахада иадминистрциа адыррақәа рыла, аиҧылараҿы аганқәа рхаҭарнакцәа атәылақәа реиҩызаратә еизыҟазаашьақәеи, акультуратә аимадарақәеи, ирзеиҧшу апринципқәеи, агеополитикатә ауадаҩрақәеи ирылацәажәеит. Иара убас, аполитикеи, аекономикеи, атехнологиақәеи, аҵареи, аҵарадырреи аусхқәа рҿы Қырҭтәылеи Сербиеи русеицура арҭбаара ахымҧадара иазааҭгылеит.
Қырҭтәыла ахада Михаил Ҟавелашвили ишазгәеиҭаз ала, атәылақәа ирзеиҧшу акультуратә аҷыдаҟазшьареи, ихьанҭоу апроблемақәеи ашьаҭа ҕәҕәа аҧырҵоит ҩ-ганктәи аизыҟазаашьақәа рырҭбаареи жәларбжьаратәи аҩаӡараҟны аидгылареи азыҳәан.
Аиҧылараҿы алидерцәа аҩ-тәылак рҿы имҩаҧысуа аполитикатә процессқәа ирзааҭгылан, иаҵшьны иазгәарҭеит аглобалтә ҭынчра аиқәыршәара аҵакы.
Аиҧылара ашьҭахь Алеқсандр Вучичи Орбелианиаа рханаҿ, асас дахьқәа рышәҟәы аҿы анҵамҭа ҟаиҵеит.