Михаил Ҟавелашвили Шәамахьтәыла ацҳаражәҳәаҩ диҧылеит
Михаил Ҟавелашвили Шәамахьтәыла ацҳаражәҳәаҩ диҧылеит

Қырҭтәыла ахада Михаил Ҟавелашвили Қырҭтәыла иҟоу Шәамахьтәыла ацҳаражәҳәаҩ Ашот Смбатиан диҧылеит. Аиҧылара аибадырратә ҟазшьа аман.

Атәыла ахада иадминистрациа адыррала, Шәамахьтәыла ацҳаражәҳәаҩ Михаил Ҟавелашивли атәыла ахадас иалхра идныҳәаланы, ақәҿиарақәа изеиҕьеишьеит.

„Аиҧылараҿы Қырҭтәылеи Шәамахьтәылеи рҭоурыхтә аиҩызаратә еизыҟазаашьақәеи апартниорра арҭбаара аперспективақәеи ирылацәажәеит. Аганқәа рхаҭарнакцәа аҩ-тәылак рҿы имҩаҧысуа аполитикатә хҭысқәа ирзааҭгылан, иаҵшьны иазгәарҭеит арегионаҿ аҭынчреи аҭышәынтәалареи аҵакы“, – иануп аинформациаҿы.