Михаил Ҟавелашвили Римтәи Папа  Лео XIV иинаугурациа ихы алаирхәоит
Михаил Ҟавелашвили Римтәи Папа  Лео XIV иинаугурациа ихы алаирхәоит

 

Қырҭтәыла ахада  Михаил Ҟавелашвилии ақырҭуа делегациеи лаҵара  18 рзы Ватикан имҩаҧысуа Римтәи Папа  Лео XIV иинаугурациа рхы аладырхәоит.

Папа ҿыц далырхит лаҵара  8 рзы имҩаҧгаз аконклав аҿы.  Америкатә кардинал  Роберт Френсис Прево ихазы ахьӡ  Лео XIV алихит.

Папа Франциск  88 шықәса шихыҵуаз, мшаҧы 21 рзы адунеи иҧсахит.