Михаил Ҟавелашвили - Насыҧла, Евроеидгылаҿ ииашам  азнеишьа збо, агрессиатә риторика акәымкәа,  адиалоги адипломатиеи  еиҕьазшьо атәылақәа иҟоуп
Михаил Ҟавелашвили - Насыҧла, Евроеидгылаҿ ииашам  азнеишьа збо, агрессиатә риторика акәымкәа,  адиалоги адипломатиеи  еиҕьазшьо атәылақәа иҟоуп

«Уажәы Қырҭтәылеи Евроеидгылеи реизыҟазаашьақәа рҿы апроблемақәа иҟоуп, аха, ҳара агәра ганы ҳаҟоуп аконструктивтә диалогла апроблемақәа зегьы рҭыҧқәҵара шыҟало», — иҳәеит Қырҭтәыла ахада Михаил Ҟавелашвили  Хорватиа ахада Зран Милановичи иареи еицымҩаҧыргаз апресс-конференциаҿы.

Иара иажәақәа рыла, Евроеидгыла арҭбаара аполитика аманипулиациазы ахархәара ҟалом.

«Евроеидгыла арҭбаара аполитика аманипулиациазы ахархәара ҟалом. Рыцҳарас иҟалаз, европатәи абиурократцәа лассы-лассы уи ауп иҟарҵо. Ари азҵаараҿы гәаартыла ҳрацәажәар ҳҭахуп. Ҳмилаҭтә интересқәа ирызкны еснагь аинформациа раҳҭоит,  иарбанзаалак аҩаӡараҟны аизыҟазаашьақәа рынагӡара ҳазыхиоуп.  Иаҵшьны иазгәасҭар сҭахуп аҵыхәтәантәи ашықәсқәа рзы Қырҭтәыла аҭышәынтәалара ҕәҕәеи апринципреи шаанарҧшыз, ҳара ҳхьыҧшымреи, ҳмилаҭтә интересқәеи, аҭынчреи ҳахьчон.

Насыҧла, Евроеидгылаҿ ииашам  азнеишьа збо, агрессиатә риторика акәымкәа,  адиалоги адипломатиеи  еиҕьазшьо атәылақәа иҟоуп. Абасоуп европатәи апринципқәа рыхьчара шыҟало. Сколлега, ҳаҭыр зқәу ахада ҭабуп ҳәа иасҳәар сҭахуп абарҭ апринципқәа рықәныҟәаразы», — иҳәеит  Михаил Ҟавелашвили.