Михаил Ҟавелашвили, Мшаҧы аныҳәа инамаданы, 33ҩык абаандаҩцәа ашьауҕа рхихит
Михаил Ҟавелашвили, Мшаҧы аныҳәа инамаданы, 33ҩык абаандаҩцәа ашьауҕа рхихит

Қырҭтәыла ахада Михаил Ҟавелашвили, Аконституциала ианашьоу азинмчы аҳәаақәа ирҭагӡаны, Мшаҧы аныҳәа инамаданы,  33ҩык абаандаҩцәа ашьауҕа рхихит.

Ари аинформациа аланарҵәеит Қырҭтәыла ахада иадминистрациа.

Администрациа адыррала, зыӡбахәы ҳәоу абаандаҩцәа абахҭа ианҭыҵлак, рхы иақәиҭны ауаажәларратә ҧсҭазаара нарыгӡар рылшоит.