Михаил Ҟавелашвили Китаи ацҳаражәҳәаҩ иҟны аибадырратә аиԥылара мҩаԥигеит
Қырҭтәыла ахада Михаил Ҟавелашвили Қырҭтәыла иҟоу Китаи ацҳаражәҳәаҩ Ҷоу Циан иҟны аибадырратә аиԥылара мҩаԥигеит.
Аибадырратә ҟазшьа змаз аиԥылараҿ Китаи ацҳаражәҳәаҩ Михаил Ҟавелашвили ахада иҭыԥ аанкылара идиныҳәалан, ақәҿиарақәа изеиӷьаишьеит.
Аиԥылараҿ Қырҭтәылеи Китаи ирыбжьоу астратегиатә партниорра иахцәажәеит. Аиԥылараҿ аганқәа ирзааҭгылеит аполитикатәи, ахәаахәҭра-економикатәи, акультуратәи, жәларбжьаратәи еимадарақәеи ирызку азҵаарақәа.
Қырҭтәыла ахада ишазгәеиҭаз ала, Қырҭтәыла “Абжьаратә коридор” аҿиареи ашәарҭадареи рзы амаксималтә ҽалархәра азыхиоуп.
Аиԥылара Орбелианиаа рхан аҟны мҩаԥган.