Михаил Ҟавелашвили ибаандаҩу аполитикцәа рахь ааҧхьара ҟаиҵеит ашьауҕа рхыхразы идҵааларц, алхрақәа рҽалархәра шырҭаху шьақәдырҕәҕәарц, анеҩс, иара, зыҧшра ҟамҵакәа, ашьауҕа ахыхра акт икьыҧхьоит
Қырҭтәыла ахада Михаил Ҟавелашвили ибаандаҩу аполитикцәа рахь ааҧхьара ҟаиҵеит ашьауҕа рхыхразы идҵааларц, алхрақәа рҽалархәра шырҭаху шьақәдырҕәҕәарц, анеҩс, иара, зыҧшра ҟамҵакәа, ашьауҕа ахыхра акт икьыҧхьоит.
Ари атәы иануп ахада Ҟавелашвили иҳәамҭаҿы.
„Хымз рнеҩс, 2025 шықәса жьҭаара 4 рзы, аҭыҧантәи ахаланапхгаратә органқәа рахь алхрақәа мҩаҧысуеит. Қырҭтәыла ауааҧсыра 64 амуниципалитетқәа рхадацәеи Сакребулои алырхроуп. Қырҭтәыла азакәан инақәыршәаны ашәҟәы иҭагалоу, алхрақәа рҽалархәра зҭаху аполитикатә партиақәа зегьы арҭ алхрақәа рҽалархәреи алхраҧхьатәи акампаниа амҩаҧгареи алшара рымазароуп, уи аҵакы ду амоуп.
Ажәлар ишырдыруа еиҧш, аполитикатә партиақәак рлидерцәақәак, Қырҭтәыла азакәан инақәыршәаны, абахҭаҿ азыӡба рхыргоит. Абри аҭагылазаашьа иазҧхьагәаҭаны, сара ибаандаҩу аполитикцәа рахь ааҧхьара ҟасҵоит ашьауҕа рхыхразы исыдҵааларц, алхрақәа рҽалархәра шырҭаху шьақәдырҕәҕәарц. Абри аҩыза арзаҳал ала исыдҵаалар, сара, зыҧшра ҟамҵакәа, ашьауҕа ахыхра акт искьыҧхьоит“, – иануп атәыла ахада иҳәамҭаҿы.