Михаил Ҟавелашвили Гори иҟоу Атәылахьчара академиеи актәи ашьаҟатә бригадеи даҭааит
Михаил Ҟавелашвили Гори иҟоу Атәылахьчара академиеи актәи ашьаҟатә бригадеи даҭааит

Қырҭтәыла ахада Михаил Ҟавелашвили Гори иҟоу Атәылахьчара академиеи актәи ашьаҟатә бригадеи даҭааит.

Атәылахьчаратә мчқәа рҧыза-хада иҧылеит актәи авице-аҧыза, атәылахьчара аминистр Иракли Ҷиқовании, атәылахьчаратә мчқәа рнапхгаҩы,  аинрал-маиор Гьаргь Маҭиашвилии,  атәылахьчаратә мчқәа егьырҭ анапхгаҩцәеи.

Амилаҭтә атәылахьчаратә академиа анапхгара Михаил Ҟавелашвили академиа аилазаашьеи,  ахықәкқәеи,  аҳасабтәқәеи ирызкны изеиҭарҳәеит. Атәыла ахада,  иреиҳаӡоу арратә ҵараиурҭа аҵакырадгьылаҿ иҟоу аиункерцәа рынхарҭатә ҟазармақәеи, акласстә уадақәеи,  акрыфарҭеи,  алазареҭи,  ареакриациатәи аспорттәи қәыҧшыларақәеи,  амузеии ибан,  асасцәа рышәҟәы аҟны анҵамҭа ҟаиҵеит.

“Раҧхьатәи свизит атәылахьчаратә мчқәа рҿы имҩаҧызгеит, уи асимволтә ҟазшьа амоуп. Рхықәкқәеи, ринфраструктуреи,  аиункерцәа рыҧсҭазаашьеи збеит,  абри зегьы иҳаракӡоу аҩаӡараҟны еиқәыршәоуп.  Агәра ганы сыҟоуп дара ҳтәыла ахыхьчаралшара арҕәҕәара ишазҿлымҳау“, – иҳәеит Ҟавелашвили.