Михаил Ҟавелашвили – Азербаиџьани ҳареи ҳаизыҟазаашьақәа ҿырҧшыгоуп, ҳрегион аҿиара шалшо зегьы идҳарбарцаз ҳҿырҧшыгазароуп, аресурсқәа ҳамазароуп, Алиевгьы абасҵәҟьа игәы иаанагоит
«Азербаиџьани ҳареи ҳаизыҟазаашьақәа ҿырҧшыгоуп, ҳрегион аҿиара шалшо зегьы идҳарбарцаз ҳҿырҧшыгазароуп, аресурсқәа ҳамазароуп, Алиевгьы абасҵәҟьа игәы иаанагоит», — иҳәеит Қырҭтәыла ахада Михаил Ҟавелашвили ажурналистцәа дырҧыланы, Азербаиџьан ивизит данахцәажәоз.
Ҟавелашвили ишиҳәаз ала, Азербаиџьани Қырҭтәылеи реизыҟазаашьақәа рыҩаӡара даараӡа иҳаракуп.
«Ҳара заанаҵы иаҳҳәеит атәыла ахада иаҳасабала раҧхьатәи свизит арегионаҿ ишымҩаҧгахо. Ари авизит Азербаиџьан амҩаҧгара агәахәара ду сызцәырнагеит. Ишыжәдыруа еиҧш, иацы иҳаракӡоу аҩаӡараҟны аиҧыларақәа мҩаҧган, аҧыза-министри аминистрцәеи ҳарҧылеит. Иахьа ахада Ильҳам Алиев ҳаиҧылеит. Ари авизит хыркәшан Милли Меџьлисаҿ ҳаҭыр зқәу Гафарова лҟны аиҧыларала. Азербаиџьани Қырҭтәылеи реизыҟазаашьақәа рыҩаӡара ҳаракуп», — иҳәеит Ҟавелашвили.
Михаил Ҟавелашвили ишазгәеиҭаз ала, аекономикатәи, ахәаахәҭратәи, аенергетикатәи, акультуратәи зҵаарақәа рганахьала, иара убас, уажәтәи аполитикатә ҭагылазаашьа иазҧхьагәаҭаны иуҳәозар, Қырҭтәылеи Азербаиџьани реизыҟазаашьақәа ҿырҧшыгоуп.
«Зегьы еилыркаар рылшоит астратегиатә партниорра закәу, зинла еиҟароу 2 ҳәынҭқаррак рыбжьара апатуеиқәҵара закәу. Свизитаан абри зегьы иазгәаҭан. Гәыкала ҳадкылареи асасдкылареи азыҳәан даҽазнык ҭабуп ҳәа расҳәар сҭахуп. Аиашаз, Азербаиџьани ҳареи ҳаизыҟазаашьақәа ҿырҧшыгоуп. Ҳара арегион ҳалацәажәеит, Шәамахьтәыла ҳалацәажәеит. Ҳазынтәгьы ибзианы еилаҳкаауеит ҳрегион акыраамҭалатәи аҭынчреи аҭышәынталареи шаҭаху. Уи гәыкалоуп ишысҳәо. Алиев саниацәажәоз, иаргьы убасҵәҟьа иҳәеит. Ҳрегион аҿиара шалшо зегьы идҳарбарцаз ҳҿырҧшыгазароуп, аресурсқәа ҳамазароуп», — иҳәеит Михаил Ҟавелашвили.