Михаил Ҟавелашвили Анцәа Иан лылҧхала Андреи Аҧхьанаҧхьаҩ Қырҭтәылаҟа иаара амш инамаданы имҩаҧгаз Анцәа имаҵзураҿы дыҟан
Михаил Ҟавелашвили Анцәа Иан лылҧхала Андреи Аҧхьанаҧхьаҩ Қырҭтәылаҟа иаара амш инамаданы имҩаҧгаз Анцәа имаҵзураҿы дыҟан

Лаҵара 12 рзы Аиашахаҵаратә уахәама Андреи Аҧхьанаҧхьаҩ ила Қьырса иҳәатәхаҵара амши Анцәа иан Қырҭтәыла ланашьара амши азгәанаҭоит. Ари амш инамаданы Махаҭа ашьхаҿы иҟоу аныхабааҿы аныҳәатә Анцәа имаҵура мҩаҧыргеит Апатриарх ишьҭрамҭаҩ, Сенакии Чхороҵҟуи амитрополит Шио Муџьирии, Синод цқьа алахәылацәеи, адоуҳатә хаҿқәеи.

Анцәаимаҵураҿ иҟан Қырҭтәыла ахада Михаил Ҟавелашвилии, Қырҭтәыла аԥыза-министр Иракли Кобахиӡеи, Қарҭ ахада Каха Калаӡеи.

Анцәа Иан Ивериатәи лныха ахьӡала иҟоу аныхабааҿы иҟан анагӡаратәи азакәанԥҵаратәи мчра хаҭарнакцәа.