Михаил Ҟавелашвили - Амилаҭтә интересқәеи атәыла ахьыҧшымра аидеиеи ахьчара амзызла ақырҭуа жәлар реидкыларазы исылшо зегьы ҟасҵоит
«Раҧхьа иргыланы, акыр иаҳзыҧсоу, ҳаҭыр зқәу Биӡина Иванишвили ҭабуп ҳәа иасҳәар сҭахуп. Ауадаҩрақәа рыла иҭәу ҳаамҭазы абри ауаҩы сидгыланы ҳтәыла ахьчаразы исымоу алшара сгәы аздууп. Абри аҩыза агәрагара сзаарҧшразы ҭабуп ҳәа шәасҳәоит», — иҳәеит атәыла ахада иҭыҧаз акандидат Михаил Ҟавелашвили.
Ҟавелашвили иажәақәа рыла, агәра ганы дыҟоуп ажәлар ишидгыло.
«Қырҭтәыла ахада иҭыҧ аҭакҧхықәра ду шацу еилыскаауеит. Уажәтәи ахада ҳдокумент хада – Қырҭтәыла Аконституциа иатәалбом, иахьагьы уи аилагара налыгӡоит. Ҳуаажәларра еиҿагылеит, арадикализациа иаҳа-иаҳа иҕәҕәахоит, цәгьашақә иҳазныҟәо аҳәаанырцәтәи ҳпартниорцәа ари апроцесс арлахҿыхра иазҿлымҳауп, убри аҟынтә, уажәазы ахадаратә ҳасабтәуп атәыла ахада иинститут аконституциатә аҳәаақәа рахь ахынҳәра. Қырҭтәыла ахадас дыҟазароуп ажәлар реидкылара зылшо ауаҩы, абри ауп ихадоу. Ажәа шәысҭоит уи азыҳәан исылшо зегьы шыҟасҵо. Сара сыҧсадгьыл гәыкала бзиа избоит. Амилаҭтә интересқәеи атәыла ахьыҧшымра аидеиеи ахьчара амзызла ақырҭуа жәлар реидкыларазы исылшо зегьы ҟасҵоит» , — иҳәеит Ҟавелашвили.