Михаил Ҟавелашвили – Акыр иаԥсоу абитуриентцәа, иахьа шәаԥсҭазаараҿы иалагоит акрызҵазкуа аетап, шәпрофессионализми, шәдыррақәеи, шәеихьӡарақәеи рыла Қырҭтәыла амаҵ азура ахьшәыду ишәхашәмыршҭын
Акыр иаԥсоу абитуриентцәа, иахьа шәаԥсҭазаараҿы иалагоит акрызҵазкуа аетап, шәпрофессионализми, шәдыррақәеи, шәеихьӡарақәеи рыла Қырҭтәыла амаҵ азура ахьшәыду ишәхашәмыршҭын, – иануп Қырҭтәыла ахада Михаил Ҟавелашвили иҟаиҵаз адныҳәалара аҿы.
Ҟавелашвили абитуриентцәа ақәҿиарақәа рзеиӷьаишьеит.
“Шәхы шәақәгәыӷла, шәгәыҭынчзааит, ари шәџьабаа иаԥсоу алҵшәа аиураҿы шәацхраауеит.
Ҳтәыла аԥеиԥш аҵара змоу, иҟәышу, аҭакԥхықәра змоу аҿар ишәтәуп. Атәыла аргылара, аҿиара аус аҿы ақәҿиарақәа шәымазаауа агәра згоит.
Шәгәыхәтәқәа зегьы рынагӡареи ақәҿиарақәеи шәзеиӷьасшьоит”, – иануп адныҳәалара аҿы.