Михаель Рот – Акыр иаҧсоу ақырҭуаа, адемократиа аполитикатә аҽалархәрада аҧсра иаҿуп, убри аҟынтә, иҟалозар, Европа аидгыло апартиақәа еиҿышәкаа
«Акыр иаҧсоу ақырҭуаа, адемократиа аполитикатә аҽалархәрада аҧсра иаҿуп, убри аҟынтә, иҟалозар, Европа аидгыло апартиақәа еиҿышәкаа», — иҩит жәларбжьаратәи аизыҟазаашьақәа рзы германтәылатәи акомитет ахантәаҩы Михаель Рот асоциалтә аҳаҿы.
«Адәахьы шәдәылҵны, ахақәиҭреи, адемократиеи, европатәи Қырҭтәылеи рзы шәахьықәҧо азы ҭабуп ҳәа шәасҳәоит. Аполитика – иуадаҩӡоу усуп. Аполитика ҟьашьым, аполитикцәа роуп уи зырҟьашьуа – сара уи ибзианы издыруеит.
Акыр иаҧсоу ақырҭуаа, адемократиа аполитикатә аҽалархәрада аҧсра иаҿуп, убри аҟынтә, иҟалозар, Европа аидгыло апартиақәа еиҿышәкаа. Апарламенттә демократиа аан аполитикатә аиҭакрақәа разықәҧара – иреиҕьу адунеитә практикоуп; Қырҭтәыла уи иаҧсоуп!», — иҩит Михаель Рот.