Германтәылатәи Бундестаг Адәныҟатәи акомитет ахантәаҩы Михаель Роҭ Қарҭ аоппозициаа рхаҭарнакцәа дырԥылоит.
Аоппозициаа рҟынтә аиԥылара иалахәуп “Аԥсахрақәа рзы акоалициа” ахаҭарнак Гьаргь Бутикашвилии Зураб Џьаԥариӡеи, акоалициа “Иӷәӷәоу Қырҭтәылазы” ахаҭарнак Саломе Самадашвили, “Акзаара – Амилаҭтәҵысра” алидерцәа руаӡәы Гьаргь Вашаӡе.
“Ақырҭуа жәлар рықәԥара ихадоу ҳпартниорцәа рыдгылара амоуп, адемократиа арԥсыҽра аамҭазы, Германтәыла Қырттәылазы ихадоу астратегиатә партниорхеит.Ажәлар ирҭахузеи? Урҭ адемократиатә стандартқәа ирышьашәалоу Қырҭтәылаҿ инхарц сҭахупю », — иҳәеит Вашаӡе.
Иахьа, ажьырныҳәа 13 рзы Германтәылатәи Бундестаг Адәныҟатәи акомитет ахантәаҩы Михаель Роҭ Қарҭ даҭааит.