Миунхентәи аконференциа аҳәаақәа ирҭагӡаны Володимир Зеленски Џьеи Ди Венс диԥылоит
CBS News аинформациа ала, Миунхентәи ашәарҭадаратә конференциа аҳәаақәа ирҭагӡаны Украина ахада Володимир Зеленски ЕАШ вице-ахада Џьеи Ди Венс диԥылоит.
Акьыԥхь ишаанацҳауа ала, Миунхентәи ашәарҭадаратә конференциа иаҭааз украинатәи аделегациа Володимир Зеленски дахагылоит.
CBS News аинформациа ала, Украина ахада Володимир Зеленски ЕАШ вице-ахада Џьеи Ди Венси реиԥылара иазкны раԥҳьаӡа адырра New York Post аланарҵәеит.
Иҟоу адыррақәа рыла, Миунхентәи ашәарҭадаратә конференциа ихы алаирхәоит Украинеи Урыстәылеи рызҵаарақәа рзы ЕАШ ахада ихаҭарнак ҷыда Кит Келлог.
Миунхентәи ашәарҭадаратә конференциа иалагоит жәабран 14 рзы.