Мирча Џьоане - НАТО есымша еиқәшаҳаҭны аус ауеит Украинеи Қырҭтәылеи ҳашрыцхраауа еиҧшҵәҟьа, Молдовагьы ҳацхраарц азыҳәан
Мирча Џьоане - НАТО есымша еиқәшаҳаҭны аус ауеит Украинеи Қырҭтәылеи ҳашрыцхраауа еиҧшҵәҟьа, Молдовагьы ҳацхраарц азыҳәан

«НАТО есымша еиқәшаҳаҭны аус ауеит Украинеи Қырҭтәылеи ҳашрыцхраауа еиҧшҵәҟьа, Молдовагьы ҳацхраарц азыҳәан», — иҳәеит НАТО амаӡаныҟәгаҩ хада ихаҭыҧуаҩ  Мирча Џьоане румынтәылатәи АИХқәа аинтервиу анриҭоз.

Иара иажәақәа рыла, Молдова НАТОи Евроеидгылеи рпартниоруп.

«Молдова ауааҧсыра рполитикатә симпатиақәа еиҧшымзаргьы, дара рызынтәгьы иаҳа еиҕьу аҧсҭазаара рҭахызар,  иаҳа еиҕьу аҧсҭазаара ишәҭыкакаҷуа адемократиатә Европаҿ иҟоуп ҳәа сгәы иаанагоит.   Молдова НАТОи Евроеидгылеи рпартниоруп.  Агәра шәсыргар сҭахуп НАТО есымша еиқәшаҳаҭны аус ишауа  Украинеи Қырҭтәылеи ҳашрыцхраауа еиҧшҵәҟьа, Молдовагьы ҳацхраарц азыҳәан. Молдова ашанс ду амоуп абри астратегиатә аҳәаақәҵамзаара иалҵны, Европаҿ иаҳа еиҕьны ҳаицынхаразы», — иҳәеит  Мирча Џьоане.