Мико Савола - Зны, Финлиандиа Нато иалалар, Қырҭтәыла алианс иалаларц азы иҳалшо зегь ҟаҳҵоит
Мико Савола - Зны, Финлиандиа Нато иалалар, Қырҭтәыла алианс иалаларц азы иҳалшо зегь ҟаҳҵоит

Қырҭтәылеи Финлиандиеи апартниорра мацара акәым, аиҩызареи роуп ирыбжьоу, – Мадримд имҩаԥысуа Нато апарламенттә ассамблеиаҿ Финлиандиа аделегациа анапхгаҩы Мико Савола Қырҭтәыла аделегациа аҟны аиԥылара ашьҭахь.

Савола иажәақәа рыла, зны, Финлиандиа Нато ианалало ашьҭахь, Қырҭтәыла алианс иалаларц азы иҳалшо зегь ҟаҳҵоит.

“Қырҭтәылеи Финлиандиеи апартниорра мацара акәым, аиҩызареи роуп ирыбжьоу. Ҳазҭагылоу аетап аҿы Нато алалара ҳазыԥшуп. Аратификациа апроцесс нагӡоит, 28 тәыла Финлиандиа алалара иазкны аӡбара аднакылахьеит, уажәы ҩтәылак ҳарзыԥшуп. Финлиандиа Нато ианалало ашьҭахь, Қырҭтәыл алианс иалаларц азы иҳалшо зегь ҟаҳҵоит”, – иҳәеит Мико Савола.