Мевлуҭ  Чавушоҕлу иҳәамҭала, Урыстәылеи Украинеи ахадаратә ҵакы змоу азҵаарақәа рзы аиқәшаҳаҭхара иазааигәахеит
Мевлуҭ  Чавушоҕлу иҳәамҭала, Урыстәылеи Украинеи ахадаратә ҵакы змоу азҵаарақәа рзы аиқәшаҳаҭхара иазааигәахеит

Ҭырқәтәыла адәныҟатәи аусқәа рминистр Мевлуҭ  Чавушоҕлу иҳәамҭала, Урыстәылеи Украинеи ахадаратә ҵакы змоу азҵаарақәа рзы аиқәшаҳаҭхара иазааигәахеит, темақәак рзы аиқәшаҳаҭхаразы акгьы рыгым.

Reuters ишаанацҳаз ала, аҭырқәа дипломат ари аҳәамҭа ҟаиҵеит аҭыжьымҭа  «Hurriyet» аинтервиу анеиҭоз.

Мевлуҭ  Чавушоҕлу ишазгәеиҭаз ала,  аганқәа амца аанкыларазгьы еиқәшаҳаҭхап ҳәа дгәыҕуеит, аиҿцәажәарақәа рҿы иҟоу апрогресс иақәныҟәар.

«Ахадаратә ҵакы змоу азҵаарақәа рзы аганқәа ргәаанагара шеиқәшо убарҭоуп. Лымкаала, раҧхьатәи ҧшь-пункт рзы еиқәшаҳаҭхарц  акгьы рыгым. Зҵаарақәак атәылақәа рнапхгаҩцәа рыҩаӡараҟны иӡбазароуп», — иҳәеит Чавушоҕлу.

Путини Зеленскии реиҧылара алшаразs ианиазҵаа аҭырқәа дипломат ишиҳәаз ала,  «аҭынчра ҟалар, аганқәа еиқәшаҳаҭхар, дара хымҧада еиҧылоит».