Мевлуҭ Чавушоҕлу – Европарламенти егьырҭ апарламенттә ассамблеиақәеи ииашамкәа Қырҭтәыла иазныҟәоит, дара рахь ааҧхьара ҟасҵоит ақырҭуа жәлар рхы иақәиҭны иҟарҵаз алхра пату ақәырҵарц
Европарламенти егьырҭ апарламенттә ассамблеиақәеи ииашамәка Қырҭтәыла иазныҟәоит, дара рахь ааҧхьара ҟасҵоит ақырҭуа жәлар рхы иақәиҭны иҟарҵаз алхра пату ақәырҵарц, – иҳәеит Ҭырқәтәыла адәныҟатәи аусқәа ҧасатәи рминистр, НАТО Апарламенттә ассамблеиаҿы Ҭырқәтәыла аделегациа анапхгаҩы Мевлуҭ Чавушоҕлу Анталиа имҩаҧысуа Адипломатиатә форум аҳәаақәа ирҭагӡаны ақырҭуа журналистцәа данрацәажәоз.
Иара иажәақәа рыла, Қырҭтәылеи Ҭырқәтәылеи, жәларбжьаратәи аҩаӡараҟны, еснагь еидгылоит, Ҭырқәтәыла уи ҟанаҵоит НАТО Апарламенттә ассамблеиаҿгьы.
„Здаҟам ҩ-ганктәи аизыҟазаашьақәа ҳабжьоуп, аигәыларатә тәылақәа раҳасабала аполитикатәи аекономикатәи усхкқәа рҿы аус еицаауеит. Ҳара, аханатәгьы Қырҭтәыла евроатлантикатә интеграциа ҳадгылан. Қырҭтәылеи Ҭырқәтәылеи жәларбжьаратәи аплатформақәа зегьы рҿы еснагь еидгылоуп. НАТО Апарламенттә ассамбелиаҿгьы Қырҭтәыла ҳадгылоит. Рыцҳарас иҟалаз, Европарламенти егьырҭ апарламенттә ассамблеиақәеи ииашамәка Қырҭтәыла иазныҟәоит, дара рахь ааҧхьара ҟасҵоит ақырҭуа жәлар рхы иақәиҭны иҟарҵаз алхра пату ақәырҵарц“, – иҳәеит Мевлуҭ Чавушоҕлу.